Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аарышьҭуа иалагеит ԥхынҷкәын 11 инаркны

Урыстәылантә Аԥсныҟа афымцалашара аашьҭра алыршахит Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы агхара иахьаҿуи, афымцамч азымхареи ирыхҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аарышьҭуа иалагеит ԥхынҷкәын 11 инаркны, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аекономика апресс-маҵзура.

Аҟәа, еиԥмырҟьаӡакәа афымцалашара аиура алыршахоит астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҿы иҟаз амцакра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы имҩаԥырго аусурақәа рышьҭахь.

Уаанӡа Аԥсуа телехәаԥшра аефираҿы "Амшынеиқәафымцамч" адиспетчертә маҵзура аиҳабы Гурам Џьаџьаиа иҳәахьан, Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара 420 метра рҟынӡа илаҟәыр, урыстәылатәи алашара х-ҳауатә цәаҳәак: 500, 220, 110 киловольт рыла агара ҳақәшәоит ҳәа.

Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик алагалан абҵара 15 рзы. Аханатә ҩба-ҩба сааҭ хынтә идырцәон. Абҵара 21 рзы ари аамҭа ԥшь-сааҭк рҟынӡа иларҟәын. Аԥсны афымцалашара арцәара аамҭа ԥшь-сааҭк рҟынтәи ҩ-сааҭк рҟынӡа иркьаҿын абҵара 26 инаркны.

Атәыла афымцамч система аидара аҵхра алыршахеит закәаншьаҭада ацәаҳәақәа рҽахьаԥыршьуаз аҭыԥқәа раарԥшра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: