Аҟәа Турбаза араион аҿы иҟалаз ахысраан ахы зықәшәаз ахаҵа аоперациа изыҟарҵеит

Турбаза араион аҿы аҭыԥ змаз ахысраан Аҟәа инхо ауаҩԥсы ахәрақәа иманы Ареспубликатә хәышәтәырҭа хадахьы днаргеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа Турбаза араион аҿы иҟалаз ахысраан ахы зықәшәаз ахаҵа аоперациа изыҟарҵеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиа.

Иара иажәақәа рыла апациент иԥсҭазаара шәарҭара амам.

Ԥхынҷкәын 14 рзы Аҟәа, Турбаза араион аҿы аҭыԥ змаз ахысраан Аҟәа инхо ауаҩԥсы ахәрақәа иманы Ареспубликатә хәышәтәырҭа хадахьы днаргеит.

Аҟәа Турбаза араион аҿы хаҵак ишьклахысит

Ахҭыс азы Аҟәа аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟаҵан ԥхынҷкәын 14 асааҭ 10:20 рзы.

Аусҭҵаара-оперативтә гәыԥ ишьақәнаргылеит ахәра шабџьархымҭаз. Ааха зауз ихьӡ рҳәом. Иара ианишьклахыс, ишьапы ахәра аманы ахәышәтәырҭахь днаргеит.

Аҭыԥ аҿы аус руеит акриминалистцәа, ацәгьоуҩы иԥшаара иаҿуп.