АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Гагра араион аҿы иҟоу адыррақәа рыла 30 гектар абна амца акуп, Гәдоуҭа араион аҿы – 15 гектар ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Ԥхынҷкәын 13 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан Гагра араион Ԥсахара ақыҭаҿы абна абылра иаҿуп ҳәа.
Аҭыԥ ахь инеит амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба. Дара иалдыршеит ааигәа игылаз аҩнқәа амца рацәыхьчара. Аха атехника ҷыда ахьзымнеиз азы ашьхаҭыԥқәа рҿы амца рзаанымкылеит.
Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы абнарақәа амца ркит
© Foto / МЧС Абхазии
Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан ԥхынҷкәын 12 рзы амцакра ахьыҟалаз АҶА аусзуҩцәа амцарцәара рзалмыршеит, уигьы зыхҟьаз амца ахы ахьакыз анеира ахьзалымшаз азоуп.
Иазгәаҭоуп АҶА аусзуҩцәа уахи-ҽни амониторинг шымҩаԥырго анхарҭақәа амца рацәыхьчаразы ҳәа.