Арадио

Григолиаԥҳа еиҭалҳәеит иманшәалам аҭаацәа рҟынтәи зықәра намӡац ахәыҷқәа ишырхылаԥшуа

Зықәра намӡац русқәа рзы Аҟәа ақалақь аинспекциа аиҳабы Альбина Григолиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит зықәра намӡац рганахьала аҳҭнықалақь аҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik
Григолиаԥҳа еиҭалҳәеит иманшәалам аҭаацәа рҟынтәи зықәра намӡац ахәыҷқәа ишырхылаԥшуа

"Ари ашықәс азы Аҟәа ақалақь аҟны зықәра намӡац (зхымҩаԥгашьа маншәалам - аред.) 20-ҩык ашәҟәы иҭагаланы иҳаман, аха зықәра наӡази зхымҩаԥгашьа зырҽеизи гәаҭаны 8-ҩык ашәҟәы иҭаҳгеит. Убасгьы иаҳзықәгылоуп аҭаацәа зыхшара рхылаԥшра назмыгӡо. Урҭ апрофилактикатә еицәажәарақәа рзымҩаԥаагоит. Аус рыцаҳуеит ашколқәа, насгьы зықәра намӡац рыҩныҟа ҳцоит, ишынхо гәаҳҭоит, ҳацхыраара џьара иаҭахызар еилаҳкаауеит. Ԥарала ҳазрыцхраауам, аха иҟоуп ахәыҷқәа ашкол ахь иҳархынҳәуа. Иҟоуп иманшәалам аҭаацәа, арыжәтә џьбара зжәуа, урҭ рхәыҷқәа ацхыраара рҭахуп", - лҳәеит Григолиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: