Аҟәеи Агәыӡереи рҟынтәи амцарцәаҩцәа Гәдоуҭа араион ахь ацхырааразы инашьҭуп

Гәдоуҭа араион аҿы абна амца шакыз азы адырра ҟаҵан ԥхынҷкәын 12 рзы. Амца акуп 15 гектар.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 15- Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәеи Агәыӡереи рҟынтәи амцарцәаҩцәатә бригадақәа Гәдоуҭа араион ахь ацхырааразы инашьҭуп. Уа ԥшьымш ирықәуп абнара амца акуижьҭеи ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА амчрақәа рнапхгараз Аусбарҭа аиҳабы Баҭал Барчан.

Иара иажәақәа рыла аҭагылазаашьа ахылаԥшра амоуп амца ауаа рынхарҭақәа рахь имиасырц азы.

Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы абнарақәа амца ркит

"Амца акыр аҽеимҿхакны иҟоуп. Ирылшо зегь ҟарҵоит анхарҭақәа рахь имиасырц", - иҳәеит Барчан иагьациҵеит Хәаԥ ақыҭан еиҳарак абри аганахь ала ишәарҭаны ишыҟоу.

Ақыҭақәа Гарԥи Оҭҳареи рҟны абнара амца акуп аха ауаа рзы шәарҭара ыҟам. Аиқәырхаҩцәа урҭ аҭыԥқәа рахь анеира ахьыуадаҩу азы амцарцәара изаламгацт.

"Ақәа леип ҳәа ҳаԥшуп, избанзар амца ахьеибаку ҳазнеиӡом", - иҳәеит иара.

Гәдоуҭа араион аҿы абна амца шакыз азы адырра ҟаҵан ԥхынҷкәын 12 рзы. Амца акуп 15 гектар.

Ԥхынҷкәын 13 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан Гагра араион Ԥсахара ақыҭаҿы абна абылра иаҿуп ҳәа. Гагра араион аҿы иҟоу адыррақәа рыла зынӡа 30 гектар абна амца акуп.

Аҭыԥ ахь инеит амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба. Дара иалдыршеит ааигәа игылаз аҩнқәа амца рацәыхьчара. Аха атехника ҷыда ахьзымнеиз азы ашьхаҭыԥқәа рҿы амца рзаанымкылеит.