АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Ҭырқәтәыла, Аԥсны, Еидҵоу Арабтәи Аемиратқәа реиҳа аныҳәаз аԥсшьара ахьырҭаху ҭыԥны иҟоуп урыстәылаа рзы. Ари еилкаахеит амаҵзура "Яндекс.Путешествия" жьҭаааара-ԥхынҷкәын рзы имҩаԥнагаз азҵаараҭҵаара адыррақәа рыла.
85% урыстәылаа ирҳәеит аныҳәа аҩны ишаԥылоу. Ари аҩыза аӡбра мзызны иамо:
- Аԥара азымхара - 34% респондент,
- 29% традициала ашықәс ҿыц азтәи аныҳәа аҩны иаԥылоит,
- 13% акоронавирус иацәшәоит,
- 9% акоронавирустә пандемиа иахҟьаны иҟоу аԥкырақәа рзы рыҩны аанрыжьуам.
Ус шакәугьы атәыла аҩныҵҟа аԥсшьара ицо маҷым. Аиҳарак аҩныҵҟатә туризм ҿиоит Шәача, аҩбатәи - Москва, ахԥатәи - Санкт-Петербург.
"Яндекс.Путешествия" –аотельқәа рыԥшаара, аҳаирпланқәа, адәыӷбақәа, автобусқәа рахь абилеҭқәа рыԥшаара ирзырхоу маҵзуроуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Урыстәыла атуроператорцәа: Аԥсны ашықәс ҿыц ахгара аинтерес змоу маҷуп
Атуризм аминистрра: ашықәс ҿыцаз заатәи аҿаҵарақәа активла имҩаԥысуам
Аԥсныҟа ашықәсҿыцазтәи атурқәа рыхәԥса шьақәыргылоуп