Арадио

Ҭарба: аҵарадырра ахьыҟоу аҭынчра ахьыҟоу ауп

70 шықәса ихыҵит афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ААУ афилософиеи акультурологиеи ркафедра ахада Иван Ҭарба. Арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит афилософи аибашьҩи реизыҟазаашьа атәы.
Sputnik
Ҭарба: аҵарадырра ахьыҟоу аҭынчра ахьыҟоу ауп

"…Афилософ, хымԥада, дгуманиступ. Аха аӷа хәымга дануқәлалак иара уаҩ далихӡом, изықәшәаз дагоит уи иҟырҟы. Убри аҟнытә изылшоз, абџьар иаҳа еиӷьазшьаз рахь саҵанакит. Ақыҭаҿы агәыԥ еиҳабыс сарҭан, сааит сыуаажәлар сыманы ешыратәи аҩбатәи ацҳаҿы. Убрантә салагеит аибашьра. Уи аибашьра ус иҟоуп, знык уаналанагала, аҵыхәанӡа уагоит. Аҵарадырра ахьыҟоу аҭынчра ахьыҟоу ауп. Ҳара зегьы ҳзызхәыцуаз аӷа иқәцара акәын. Сара сымацара сакәым, ус абџьар зкыз аҵарауаа рацәоуп, Адгәыр Иналиԥа уҳәа, урҭ ҵараауан, рыԥсы ҭаны иалҵыр акәын, аха доусы иақәшәашьа ихаҵашьоуп рҳәоит", – ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: