Ҭыҩба: ауаҩы иаарыхра аҩны инаиҵганы иргар, агәаҳәара иоуеит уаҵәы еиӷьны аҟаҵара
© Sputnik
"Сынтәа аарыхра цәгьаӡам, амандарина мацара акәым, араса, акарпыжә, аҭирагьы маншәалахеит. Сынтәа иааҳрыхыз ажь, амандарина цәгьаӡам, амш бзиа ҳақәшәеит, иҭаҳгалеит. Амала амандарина аҭираҟны аиҵахара ыҟоуп, хәыҷык ахәгьы ианыԥшит арҭ ҩымш-хымш рыбжьара. Егьыс амандарина алҵшәа даара иақәшаҳаҭуп сааигәа инхогьы, рџьабаа мыӡӡеит. Уажәы аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ахәқәа леит, аҭира аанкылоушәа иҟоуп. Амандарина аҩнынтә исҭиуеит", - иҳәеит Ҭыҩба.
Иара иазгәеиҭеит анхаҩы изы ифеидоу амандарина ахә 25 мааҭ артәоит ҳәа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ацитрусқәа рекспорт ҩынтәны еиҳауп 2019 шықәсатәи арбагақәа раасҭа