Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҭыҩба иаарыхра иазкны
"Сынтәа аарыхра цәгьаӡам, амандарина мацара акәым, араса, акарпыжә, аҭирагьы маншәалахеит. Сынтәа иааҳрыхыз ажь, амандарина цәгьаӡам, амш бзиа ҳақәшәеит, иҭаҳгалеит. Амала амандарина аҭираҟны аиҵахара ыҟоуп, хәыҷык ахәгьы ианыԥшит арҭ ҩымш-хымш рыбжьара. Егьыс амандарина алҵшәа даара иақәшаҳаҭуп сааигәа инхогьы, рџьабаа мыӡӡеит. Уажәы аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ахәқәа леит, аҭира аанкылоушәа иҟоуп. Амандарина аҩнынтә исҭиуеит", - иҳәеит Ҭыҩба.
Иара иазгәеиҭеит анхаҩы изы ифеидоу амандарина ахә 25 мааҭ артәоит ҳәа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ацитрусқәа рекспорт ҩынтәны еиҳауп 2019 шықәсатәи арбагақәа раасҭа