Адгәыр Ҳаразиа даанкылоуп Аҟәа аҭыԥ змаз ахысра далахәын ҳәа гәҩарас дҟаҵаны

Аҟәа аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ари ахҭыс азы ашьаусҭҵаара хацнаркит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 16-Sputnik. Ԥхынҷкәын 14, Турбаза аҭыԥ змаз ахысра далахәын ҳәа гәҩарас дҟаҵаны даанкылоуп уаанӡатәи Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа. Иара иумҭа аҵанакуеит Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 105 ахәҭа 1 (гәҭакыла ауаҩы игәабзиара ааха аҭара), ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1 (закәаншьаҭада абџьар аныҟәгара) инақәыршәаны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Аҟәа Турбаза араион аҿы иҟалаз ахысраан ахы зықәшәаз ахаҵа аоперациа изыҟарҵеит

Ԥхынҷкәын 14 рзы Аҟәа, Турбаза араион аҿы аҭыԥ змаз ахысраан Аҟәа инхо ауаҩԥсы А.С Шьаҟрыл ишьаԥқәа рыҩбагьы ахәрақәа рыманы Ареспубликатә хәышәтәырҭа хадахьы днаган. Ахҭыс ҟалеит Аҟәа, Ақырҭаа рымҩаду аҟны. Аԥсны ААР аацҳамҭаҟны ишарбо ала, ихысыз ауаҩы ихы иаирхәит закәаншьаҭада иныҟәигоз иҭҟьо абџьар.

Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 105 ахәҭа 1, ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1 инақәыршәаны Аҟәа аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ари ахҭыс азы ашьаусҭҵаара хацнаркит.

Адгур Ҳаразиа 2002- 2003 шықәсқәа рзы ақыҭанхамҩа аминистрс дыҟан. Ҩынтә Аԥсны Жәлар реизара адепутатс далхын, 2007-2012 шықәсқәа рзы.

2014 шықәса инаркны 2019 шықәсанӡа Аҟәа ақалақь ахадас дыҟан.