Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша аныҳәақәа раан ауааԥсыра рыдкылара ааннакылоит

Аконсултә ҟәша аграфик шьақәнаргылеит хәышықәсатәи атәылауаҩшәҟәқәа роуразы ашәҟәы зҽанызҵахьо рзы 2020 шықәса абҵара 18 инаркны ԥхынҷкәын 15 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша аныҳәақәа раан ауааԥсыра рыдкылара ааннакылоит ԥхынҷкәын 28 инаркны 2021 шықәса ажьырныҳәа 10 рҟынӡа.

Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша аныҳәақәа раан ауааԥсыра рыдкылара ааннакылоит

Аконсултә ҟәша аграфик шьақәнаргылеит хәышықәсатәи атәылауаҩшәҟәқәа роуразы 2020 шықәса абҵара 18 инаркны ԥхынҷкәын 15 рҟынӡа ашәҟәы зҽанызҵахьо рзы 2021 шықәс ажьырныҳәамзазы.

Уаанӡа ишазгәаҭаз аиԥш аҭааҩцәа фҩы-фҩыла аамҭакала ирыдыркылалоит, зегьы асабрадақәа рҿазароуп. ОРВИ аҟазшьақәа зыдбало рыдыркылом.