COVID-19 рзышьақәдырӷәӷәеит 98-ҩык Аԥсны атәылауаа, аӡәы иԥсҭазаара далҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 7602-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 5655-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 101-ы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 16– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 421-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 98-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы иԥсҭазаара далҵит 63 шықәса ирҭагылаз ахаҵа. Иара ахәышәтәырҭа дҭашәеит абҵара 5 рзы

ҩганктәи агәыҵәкра иманы, ашьҭахь акоронавирустә инфекциа ицәа ишалаз шьақәдырӷәӷәеит. Изымҩаԥыргоз атерапиа иахьмырԥшкәа, апациент иԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 17, ашьыжь.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 112-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 98-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 28-ҩык, ибжьаратәуп - 30-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа.

Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 59-ҩык пациент. 54-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>