Арадио

Малиа еиҭеиҳәеит аамҭахә аныҳәара амҩаԥгара иаҵанакуа

Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан инхо Валери Малиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭаҳәеит аамҭахә ҳәа имҩаԥиго аныҳәара атәы.
Sputnik

 

Малиа еиҭеиҳәеит аамҭахә аныҳәара амҩаԥгара иаҵанакуа

"Есышықәса аамҭахә ҳәа икнасҳауеит ажьаӷь уадка зҭоу аԥаҭлыка. Сҽаҩрақәа анҭазгалалак, аамҭахә лбаазгоит, исҭаху ауааԥсыра сықәсыршәоит, сҩызцәа, смоҭацәа еизганы сахныҳәоит. Аԥаҭлыка кнасҳауеит аҩны аҩнуҵҟа, акәакь аҿы, амрагыларахь ала. Ианыкнасҳауа, ус ажәала сныҳәаны ихысшьуеит, нас акныхраан аамҭа амаӡам. Саарыхра зегьы анҭазгалалак, санҭышәынтәалалак, илбаазгоит, сақәныҳәоит. Аамҭахә акнаҳареи албаагареи мҩаԥысуеит ахәашаҽны, уи амш иазалхны иамоуп. Илбаазгеижьшьҭеи шьҭа мчыбжьык ҵит, иахьа хәашоуп, сныҳәа-сныԥхьа уажәы еиҭа икнасҳаит. Ҳаԥхьаҟагьы убас Анцәа иҳаҭәаишьаратәы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Малиа.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: