Аԥсны акоронавирус 92-ҩык ирыдырбалеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 7871-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 6003-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 102-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 443-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 92-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Аоперативтә штаб иаанацҳауеит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны лыԥсҭазаара дшалҵыз акоронавирус зцәа иалаз 1958 шықәса рзы ииз аԥҳәыс. Лара ахәышәтәырҭа дҭашәеит ԥхынҷкәын 6 рзы, ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра лыманы. Иақәнагаз атерапиа шылзымҩаԥыргозгьы, лыԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 20 рзы.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 116-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 92-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 32-ҩык, ибжьаратәуп - 28-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа, Очамчыра-24-ҩык.

Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 66-ҩык пациент. 61-ы рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>