Бжьаниа Аԥсны акоронавирус аҟынтә алаҵаҟаҵара ианалаго атәы иҳәеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусутә ныҟәарала дыҟан Урыстәыла ԥхынҷкәын 9 инаркны 19-нӡа, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигеит, иара убас ателеканал Russia Today аинтервиу аиҭеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21-Sputnik. Акоронавирустә инфекциа хызҽуа Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп 2021 шықәса ажьырныҳәа анҵәамҭа жәабран алагамҭаз, абри атәы иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, ателеканал Russia Today иаиҭаз аинтервиу аҟны.

Цәыббрамзазы иҳәан Аԥсны Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" 20 нызқь доза рҟынӡа иҟоу апартиа ишазыԥшу.

"Атәылауаа ркатегориақәак рзы алаҵа аҟаҵара жәабранмзазы ҳалагап ҳәа сгәыӷуеит, нас маҷ-маҷ ҳҭахрақәа зегь хаҳарҭәаап. Цәыббрамзазтәи ҳаиқәшаҳаҭра жәабранмзазы инагӡахоит", - иҳәеит ахада.

Бжьаниа Урыстәыла аиҳабыра ҭабуп ҳәа реиҳәеит акоронавирустә инфекциа аҿагылараҿы иҟанаҵо ацхырааразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: