АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иҳәеит COVID аҟынтәи алаҵа Урыстәыла атәанчаҩцәа иааиуа амчыбжь азы рзыҟаҵара иалагар ҟалоит ҳәа, ателеканал "Россия 1" аинтервиу анеиҭоз. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Мурашко иҳәеит аиҳабацәа рыбжьара COVID-19 аҟынтәи алаҵа аклиникатә ԥышәарақәа ахыркәшарахь ишнеиз.
Уи адагьы Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла Урыстәыла COVID-19 ачымазара макьана аҽарцәгьаны иҟоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
2020 шықәсазы еиҳа илшамҭа духаз аӡбахә ҳәоуп
Путин: COVID-19 азы атестқәа ҟазҵо атәыла дуқәа рыбжьара Урыстәыла ахԥатәи аҭыԥ ааннакылоит