Путин: COVID-19 азы атестқәа ҟазҵо атәыла дуқәа рыбжьара Урыстәыла ахԥатәи аҭыԥ ннакылоит

© Foto / РФПИ и Центр имени Гамалеи / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПервая в мире вакцина от коронавируса
Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин ипресс-конференциа мҩаԥысит ԥхынҷкәын 17 рзы асанитартә ԥҟарақәа зегьы азгәаҭаны.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. COVID-19 азы атестқәа ҟазҵо атәыла дуқәа рыбжьара Урыстәыла ахԥатәи аҭыԥ ннакылоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин ипресс-конференциаҿы Урыстәыла авирус апандемиа ишԥаԥылеи ҳәа ирҭаз азҵаара аҭакс.

Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Алаҵа "Спутник V" аушьҭратә хәыԥса шьақәыргылоуп

Путин еиҭеиҳәеит атәылаҿы аамҭа кьаҿла 277 нызқь иара шеиҿкааз, жәабала амедцентрқәа шыргылаз. Уи апроблема ирласны аҭак аҭароуп иаанаго ҳәа иҳәеит иара.

"Адунеи аҿы иарбанызаалак тәылак агәабзиарахьчаратә система акоронавирус иазыхианы иҟамызт. Урыстәыла Китаи ачымазара ахы шцәырнагазҵәҟьа аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит", - иҳәеит иара.

Путин иара убасгьы иазгәеиҭеит асабрадақәа рҭыжьра ҩеижәантә ишеиҳахаз.

Урыстәыла ираԥхьатәиу тәылоуп алаҵа аус адулара иалагаз. Иара убасгьы иазгәеиҭеит "Спутник V" ахы бзианы ишаанарԥшуа, иара ихаҭагьы алаҵа ҟаиҵараны дшыҟоу.

Путин урыстәылаа ҭабуп ҳәа реиҳәеит аҽазныкгьы ашәарҭа аҿаԥхьа аидгылара шакәу ихадароу ахьаадырԥшыз азы. Аҿкчымазара апандемиа аҭыԥ шамазгьы Аиааира ду 75-шықәса ахыҵра мҩаԥган ҳәа иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0