Кәыҵниаԥҳа Аҟәа ашықәсҿыцазтәи апрограммазы: аныҳәатә гәалаҟазаара аԥаҳҵар ҳҭахуп
© Sputnik
"Аиашазы, ахәыҷқәеи аҿари рзы иаҳа илахҿыху апрограмма ҳаман, аха аҭагылазаашьа зегьы еицырдыруа ауп, убри аҟынтә маҷк иҳаркьаҿит. Амза 25 инаркны есыхәылбыҽха аус аулоит иаарту акинотеатр. Аԥхьа ахәыҷқәа рзы амультфильмқәа дҳарбалоит, анаҩс акиносахьақәа, Ашықәс ҿыц аныҳәа иадҳәалоу. Аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаахоит Аҟәа ашҭа хадаҟны - Ахақәиҭра ашҭаҿы", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Амза 30 рзы аҭыԥҳацәа анапҟазацәа имҩаԥыргоит амастер-класс.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы иаадыртраны иҟоуп аҵаақәышьқьырырҭа
Ҳашыгԥҳа еиҭалҳәеит Ашықәс ҿыц аныҳәатә программа иалагалахо аҿыцра атәы