Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы иаадыртраны иҟоуп аҵаақәышьқьырырҭа

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие катка в "Лужниках"
Открытие катка в Лужниках - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә еизарҭа аилатәараҿы ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Адепартамент адиректор Ельза Ҳагԥҳа ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раантәи рыпланқәа дрылацәажәеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 8– Sputnik. Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы ԥхынҷкәын 25 рзы иаадыртраны иҟоуп аҵаақәышьқьырырҭа, лҳәеит Аҟәатәи ақалақьтә еизарҭа аилатәараҿы ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Адепартамент адиректор Ельза Ҳагԥҳа.

Наала Хашиг - Sputnik Аҧсны
Ҳашыгԥҳа еиҭалҳәеит Ашықәс ҿыц аныҳәатә программа иалагалахо аҿыцра атәы

"Аҵаақәышьқьырырҭа ҵыԥх аиԥш апластик иалхны иҟалом. Уажәы аҵааҵәҟьа ҟалоит. Хымԥада арҵаҩы дадгалахоит, ахәыҷқәеи адуқәеи рзы ақәышьқьраара амаӡақәа дзырбо", - лҳәеит лара.

Ҳагԥҳа лажәақәа рыла иара арендла игоуп, х-миллионки бжаки ахшәаахоит. Аҭбаареи ауреи 20-20 метра иҟоуп.

Ақалақьтә еизара адепутат Мизан Адлеиба иҳәеит иахьатәи аамҭазы ариаҟара аԥара аныхра шхыдароу, уи ацхыраара ласыа амашьынақәа ҩба алааухәар шауа.

"Атәылаҿа апандемиа алаҵәан иҟоуп. Шәара ахәыҷқәа еизыжәгоит, аҿкыра аҽарҭбаауеит. Еиҳа еиӷьымзи арҭ аԥарақәа COVID-чымазцәа рыцхыраара иазырхазар", - иҳәеит иара.

Аха адепутатцәа реиҳараҩык Адлеиба иқәшаҳаҭымхеит, ашкол ахь имныҟәо згәырӷьарақәа маҷхаз ахәыҷқәа рзы аныҳәа аҭахуп ҳәа азыԥхьаӡаны.

Ҳагԥҳа илҳәеит иахәҭаны иҟоу ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа зегьы ишрықәныҟәо.

Ашықәс ҿыц аныҳәазы, иара убасгьы иаартхоит акинотеатр, еиуеиԥшым ахәмарҭақәа. Зегьы хәыдаԥсадахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0