Арадио

Миқаа араион апаспорт азы: иҳамоу иҳамами зегьы иааидкыланы адырра ҳнаҭеит

Аслан Бжьаниа инапынҵа "Аԥсны араионқәа рпаспорт" аиқәыршәара аус Гал араион ишцо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион ахадара апресс-маҵзура аиҳабы Ерик Миқаа.
Sputnik
Миқаа араион апаспорт азы: иҳамоу иҳамами зегьы иааидкыланы адырра ҳнаҭеит

"Ақьаад иахьахәҭоу инаҳамгацт, аха ҳара уи ҳазыхиоуп. Араион апаспорт архиара аҵакы ӷәӷәа амоуп, уи иаҵанакуеит араион иҭаӡо адгьылқәа зегьы, шаҟа ӡиас ыҟоу, аԥсабаратә малс иамоу, ақыҭанхамҩа иаҵанакуа адгьылқәа шаҟа ыҟоу, урҭ рахьынтә ауааԥсыра шаҟа рхы иадырхәо, уа еиҭырҳауа, ирааӡо. Ҳраион аҿы иҟоу зегьы иааидкыланы адырра ҳнаҭеит, иаҳҳәап: араион аҿы шаҟа ауааԥсыра иқәынхо, урҭ милаҭла иазусҭцәоу, араион ауалафахәы афонд ауааԥсыра рҿаԥхьа уалс иаду, ус еиԥш иҟазар, мзыс иамоу уҳәа", - еиҭеиҳәеит Миқаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: