Аԥсны акоронавирус здырбалаз рхыԥхьаӡара аанызқьҩык иреиҳахеит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 8011-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 6173-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 102-ы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 547-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 140-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 111-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 100-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 30-ҩык, ибжьаратәуп - 24-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа, Очамчыра-24-ҩык, Гагра-42-ҩык.

Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 60-ҩык пациент. 55-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>