COVID-19 змоу рзы ҽынлатәи астационар аадыртуеит Пицунда

Аҵыхәтәантәи аҩымз рыҩныҵҟа Пицунда ауааԥсыра рыбжьара акоронавирус зцәа иалоу ауаа рацәаҩхеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Пицунда ҽынлатәи астационар аадыртуеит COVID-19 змоу рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Савели Серетиди.

"Ҳара зегь азҳархиеит ҽынлатәи астационар аартразы. Арахь инеир алшоит ибжьаратәуи иласуи аҭагылазаашьа змоу. Дара ара апроцедурақәа ирхысыр ҟалоит. Агәабзиарахьчара аминистрра адҵа ҟанаҵозар, ҳара ҳахиоуп", - иҳәеит иара.

Серетиди иҳәеит астационар аус шауло есыҽны асааҭ 9:00 - 17:00 рзы. Иара аратәи ахәыштәырҭа аҩбатәи аихагылаҿы иҟалоит, 20 иараҭыԥ рхиоуп. Астационар аусура алагара аламҭала иԥсахын афымцатә цәаҳәақәа, иқәыргылан арԥхагақәа, Аҟәантәи акварц лампақәа раагара иазыԥшуп.

Ҽынлатәи астационар аҿы 15-15 мшы аус рулоит ааҩык афельдшарцәа. Ахәышәтәырҭа аколлектив 42-ҩык рыла ишьақәгылоуп, хәҩык аҳақьымцәа  – ахирург, ҩыџьа атерапевтцәа, ауролог, агинеколог ыҟоуп.

Ҵахнакьиа: COVID-19 змоу апациентцәа рзы 530 ҭыԥ рхиоуп Аԥсны

Аҵыхәтәантәи аҩымз рыҩныҵҟа Пицунда ауааԥсыра рыбжьара авирус зцәа иалоу ауаа рацәаҩхеит. Серетиди ишиҳәо ала аҵыхәтәантәи ахәаша мацара азы арахь иааиит 28 –ҩык.

"Ахәышәтәырҭахь имааиц ыҟоуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ичмазцәо рацәаҩхо иалагеит. Иахьынӡаздыруала ҩ-ԥсыҭбарак ҟалахьеит",- иҳәеит иара.

Серитиди иазгәеиҭеит Пицунда ауааԥсыра ачымазара хырыҩ шарымҭо. Абасеиԥш агәаанагара имоуп Пицунда ахада Алхас Шамбагьы.

"Ааԥынразы схаҭа ақалақь аҿы ауаа асабрадақәа ныҟәыргаларц срыҳәон. Усҟан исҳәо иазыӡырыҩуан, рхы рыхьчон ачымазцәа шҳамамызгьы. Уажәы ԥкырак иазхьаԥшуам", - иҳәоит Шамба.

Иара имоу аинформациала Пицунда ауааԥсыра, акоронавирус змоу, уадаҩрада рчымазара рхыргоит.