Аминистрцәа реилазаара ишьақәнаргылеит аԥсыӡкраамҭаан акамшьиа акра ахышәаҵышәа

Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра анапы ианҵоуп аӡы-биологиатә ресурсқәа рхархәаразы аԥара алхра аиқәыршәара, урҭ ареспубликатә биуџьет ахыԥхьаӡалара ахылаԥшра.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Аминистрцәа реилазаара ишьақәнаргылеит 2020-2021 шықәса ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭаан акамшьиа акра ахышәаҵышәа, аквотақәа еихшаны.

Виды рыбы

Прогнозы запаса (тонн)Общий допустимый улов (тонн)Рекомендуемые квоты (тонн)
Хамса (черноморская и азовская)120 00045 00042 000
Ставрида1000150130
Барабуля70010080
Шпрот (килька)1000330330
Кефали (лобан, сингиль, остронос)4209585
Мерланг3006050
Катран2543
Камбала-калкан6087
Скаты (морская лиса и морской кот1302020
Луфарь503030
Смарида2505045
Прочие (темный горбыль, сельд, карась-ласкирь, пеламида, сарган, скорпена, бычки)1103025
Всего1240454587742805

 

Ақәҵара иаркьаҿит акамшьиа акра мҩаԥызго аӷбақәа рзеиԥш хыԥхьаӡара 30 рҟынӡа иланарҟәит. Иара убасгьы ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭа аан аԥсыӡ аекспорт азин ҟаҵам. Азин ыҟоуп урыстәылатәи аԥсыӡкратә наплакқәа заҵәык раархәара.

Аҳәынҭқарратә ҳазалхартә еилакы арҭ анормақәа ирхылаԥшлароуп, Ақыҭанхамҩа аминистрра аӡы-биологиатә ресурсқәа рыкразы аквотақәа реихшара мҩаԥнагароуп.

Аиҳабыра иара убасгьы ишьақәдыргылеит аӡы-биологиатә ресурсқәа рхархәаразы аԥарашәара.

  • Агәыҵаԥшь – тоннак азы 16 800 мааҭ
  • Аҷарқал – тоннак азы 9 520 мааҭ
  • Ақьамшьиа – тоннак азы 1 800 мааҭ
  • Аԥсардаҳан – тоннак азы 1 050 мааҭ
  • Аҵыхәшәыгә – тоннак азы 14 000 мааҭ
  • Ашәиаҟ – тоннак азы  73 500 мааҭ
  • Егьырҭ зегьы (аидыԥсала, амшынла), аганвых, адаӷьԥсыӡ, аԥсардаҳан, аҭкәицар уҳәа егьырҭгьы) – тоннак азы 16 800 мааҭ.