Ареспублика асанитартә ҳақьым хада илҳәеит COVID-19 чымазара еиҳа аҽанышьҭнакаауа

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 8011-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 6173-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 102-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик илҳәеит COVID-19 чымазара еиҳа аҽанышьҭнакаауа ажьырныҳәа 5 рышьҭахь акәхоит ҳәа аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиареи, аҵареи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, аҭоурых доуҳатә ҭынха ахьчареи рзы Акомиссиа аилатәараҿы.

Скорик илҳәеит COVID-19 азы анализ аҭаразы агәаранқәа рцәырҵра зыхҟьаз

"Ачымазара ацәқәырԥа ҳаракхоит ауаа Ашықәс ҿыц ахьазгәарҭо, иахьеиҭанеиааиуа азы. Иҟалоит акарантин наӡа, ауаа аҩны итәар акәхоит", - лҳәеит лара.

Лиудмила Скорик иазгәалҭеит ачымазара алаҟәра иалагоит ҳәа шаҳзымҳәо иара аҩаӡараӡахь имнеикәа. Скорик ишылҳәо ала 15-ҩык Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь ишьҭуп ԥхынҷкәын 22 рзы.

Аҳақьым лгәаанагарала аҭагылазаашьа аиҭакреи астатистика аларҟәреи алшоит ауаа аԥкырақәа ирықәныҟәо иалагар.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 8011-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 6173-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 102-ҩык.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа абҵара 24 рзы аусдҵа инапы аҵеиҩит. Уи инақәыршәаны аԥкыратә уснагӡатәқәа 2021 шықәса ажьырныҳәа 12 рҟынӡа ирнахахоит.