Аԥсны ашахмат азы ачемпионат аҟны аиааиҩцәа рыхьӡ ҳәоуп

Акоронавирус апандемиа атурнир амҩаԥгара аԥсахрақәа аланагалеит. Аамҭа еиҳа идыркьаҿит, алахәылацәа рхыԥхьаӡарагьы еиҵартәит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 – Sputnik. Аҟәа ихыркәшахеит ашахмат азы есышықәсатәи ачемпионат. Актәи аҭыԥ ааникылеит Артем Табариан. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ашахмат азы Афедерациа ахада Константин Ҭыжәба.

Константин Ҭыжәбеи Сергеи Миносиани ачемпионат иапризиорцәахеит. Аветеранцәа рыбжьара актәи аҭыԥ никылеит Россотрудничества ахаҭарнакра аусзуҩ Борис Наҟоԥиа, аҩбатәи – "аԥсуа  шахмат алегенда " - Енвер Хазириши. Ашколхәыҷқәа рыбжьара аԥыжәара ргеит: Аскар Аџьынџьал, Дауҭ Лазба, Сарида Лакәатааԥҳа.

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилаки Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи рхатәы ԥхьахәқәа аздырхиеит. Аицлабрақәа ӡбаҩыс дырзыҟан Альберт Карапитиан.

Акоронавирус апандемиа атурнир амҩаԥгара аԥсахрақәа аланагалеит. Аамҭа еиҳа идыркьаҿит, алахәылацәа рхыԥхьаӡарагьы еиҵартәит ҳәа иҳәеит Ҭыжәба.

"Уаанӡа алахәылацәа рхыԥхьаӡара 75-100-ҩык ыҟазар, уажәы афинал аҿы иҟаз 16 спортсмен ракәын. Иара убасгьы жәеизамш рцынхәрас жәымшы имҩаԥысуан ачемпионат",- иҳәеит Ҭыжәба.

Ачемпионат мҩаԥысуан иахәҭоу ахыхьчарақәа зегьы ирықәныҟәаны. Иҟан аҳауаҿы имҩаԥысуаз апартиақәагьы.