Аҟәа даанкылоуп акриминалтә хаҿы, аҭагылазаашьа аҵшәаара ахьигәҭакыз азы

Иҟоу аинформациала ацәгьауҩы гәҭакыс иман ашықәс ҿыц аламҭалаз акриминалтә ҭагылазаашьа аҵшәаара.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. УКОН, СОБР, ААР аусзуҩцәа даанкыланы ИВС ахь днаргеит Аҟәа ақалақь ауаҩԥсы Ҭемыр Аҳәба, акриминалтә еилазаараҿы "Динрид", ҳәа хьӡыс измоу. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Иазгәаҭоуп иаанкылоу акриминалтә ԥсҭазаара дшагәҭылаку, аҿар рыбжьара "акриминалтә субкультура" шалаирҵәо. Амилициа ирымоу аоперативтә дыррақәа рыла, Аҳәба игәҭакын ашықәс ҿыц аламҭалаз акриминалтә ҭагылазаашьа аҵшәаара.

Аҟәа даанкылоуп акриминалтә хаҿы, аҭагылазаашьа аҵшәаара ахьигәҭакыз азы

"Динрид" – уаанӡа изныкымкәа иус рыӡбахьеит, административтә ҭакԥхықәра дақәдыршәахьеит Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 45 (анаркотикатә маҭәашьарқәа рхархәара, амедицинатә гәаҭара мап ацәкра) инарықәыршәаны.