Асанепидемстанциа: Аԥснытәи ахәыҷбаҳчақәа аадыртыр ҟалоит

Аԥсны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи аркуп ажьырныҳәа 12 рҟынӡа. Ари азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аныуадаҩха.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи ахәыҷбаҳчақәа аадыртыр ҟалоит ҳәа лҳәеит Ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиареи, аҵареи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, аҭоурых доуҳатә ҭынха ахьчареи рзы Акомиссиа аилатәараҿы.

Ареспублика асанитартә ҳақьым хада илҳәеит COVID-19 чымазара еиҳа аҽанышьҭнакаауа

"Сара изныкымкәа исҳәахьан ахәыҷбаҳчақәа аусура иалагар ҟалоит ҳәа. Уа ахәыҷқәа уадак акыраамҭа иҩнахаӡом. Адәахьы идәылҵуеит, ихәмаруеит. Ааӡаҩ лоума, аусбарҭа аума авирустә инфекциа рызшәарҭам", - лҳәеит лара.

Скорик иазгәалҭеит ахәыҷбаҳчақәа раартраан рҭагылазаашьа азхьаԥшра шаҭатәу.

"Аҭагылазаашьақәа бзиазар, иԥхарразар, амедперсонал ыҟазар – аусура изаламгарызеи. Ус акәымкәа ахәыҷбаҳча ахыбра ажәызар, ихьҭазар – аартра иашам", - лҳәеит лара.

Аԥсны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи аркуп ажьырныҳәа 12 аҟынӡа. Ари азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аныуадаҩха.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: