Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәын 7 рзы аусԥҟа инапы аҵаиҩит "Аԥсны адәныҟатәи аполитика аконцепциа" адкыларазы. Аконституциа инақәыршәаны Аԥсны ахада аҩнуҵҟатәии адәныҟатәии аполитика ахырхарҭа хадақәа ҳәаақәиҵоит. Аконцепциа иалацәажәан ԥхынҷкәын 21 рзы Апарламент аҟны. Гәыԥҩык адепутатцәа аҳәынҭқарра ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит аусԥҟа аԥихырц, адокумент иҵегьы аус адыруларц.
Азҵаара цәырнагеит Қырҭтәылеи Аԥсни еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргалароуп ҳәа.
"Аконцепциа - уи хықәкуп, инаугӡар ҟалоит, инаумыгӡар алшоит. Сгәаанагарла, аоппозициахь иҟоу аполитикатә баллқәа дырҳарц рхы иадырхәар рҭахуп. Ижәдыруеит, ақырҭцәеи аԥсуааи рыбжьара аиуара змоу шыҟоу, еицәажәоит, аха ауаа реицәажәареи аполитикеи еиԥшым. Иахьа хәыҷык ҳхы ҳдыруазароуп, 70 процент рҟынӡа атәым ҳәынҭқарра абиуџьет аҟны ацхыраара анунаҭо, ҳдыԥшылаҩцәоуп. Ҳазхәыцроуп ҳаҩнуҵаҟа ҳазлаҽҳарӷәӷәаша, ҳекономика злашьҭаҳхыша, ҳхы ҳахәартә ҳазлаҟалаша. Абарҭқәа иаҳа азҿлымҳара рҭахуп, иҟарҵаз ақьаад аасҭа. Сара сдырра хәыҷ злаҟоу ала абри ақьаад ҭоурыхла излацныҟәо ҳәа акгьы сымбацт. Иахьа амч ауп иҟоу, уи змоу ишиҭаху ихы мҩаԥигоит", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Апарламент аҳәара ҟанаҵеит Бжьаниа иахь адәныҟаполитикатә Аконцепциа аус адулазарц
Аԥшьлааԥҳа Аԥсны адәныҟаполитика аконцепциазы: аамҭа кьаҿла ииҩыз текстым
Змаршәа ктәу аполитика: ахада иконцепциа иалоу аԥсуа-ақырҭуа ҭыӡшәазы ахәҭаҷ иазкны