АҞӘА, ԥхынҷкәын 23– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент адепутатцәа ргәыԥ Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иахь ааԥхьара ҟарҵеит Аԥсны адәныҟатәи аполитика Аконцепциа инапаҵаҩра аԥихырц, адокумент аус еиҭадулахарц. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа.
Иара иажәақәа рыла, иахьа Апарламент адепутатцәеи ахада Иусбарҭа ахаҭарнак Саида Быҭәԥҳаи, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи реиԥылара мҩаԥысит.
"Ҳара аҳәара ҟаҳҵеит ахада идырдырырц иацтәи аилатәараҿы излацәажәаз зегьы", - иҳәеит Кәарҷиа.
Кәарҷиа иазгәеиҭеит азакәан инақәыршәаны Аԥсны адәныҟатәи аполитика Аконцепциа шьақәзырӷәӷәо ахада шиакәу, иара егьырҭ аусбарҭақәеи ааилакқәеи уи азы дырзымҵаар шауа.
"Атәыла адәныҟатәи аполитика аӡәы ихала имыӡбароуп, раԥхьа иргыланы Апарламент аҿы иалацәажәароуп. Уи аҩыза ҟаҵамызт",- иҳәеит иара.
Апарламент адепутатцәа, аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәа, аекспертцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа ԥхынҷкәын 21 рзы иалацәажәеит ахада ишьақәирӷәӷәаз Аԥсны адәныҟатәи аполитика Аконцепциа. Аимак-аиҿак ахылҵит апункт: Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара ҩаӡарарацәалатәи аиҿцәажәарақәа рформатцҵа аиҿкаара. Атермин "ҩаӡарарацәала" азҵаарақәа рацәаны ицәырнагеит.
Депутатцәақәак апартиақәа рхадацәеи аконцепциа адкылараан аполитикатә ԥсҭазаара алахәылацәа зегьы ргәаанагара ахьазыԥхьагәаҭамыз иашам ҳәа ахырҳәааит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит аусԥҟа "Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатә политика аконцепциа ашьақәырӷәӷәаразы". Атәыла ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика шьақәирӷәӷәоит Аконституциа ахәҭаҷ 53 ахәҭа 2 инақәыршәаны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Змаршәа ктәу аполитика: ахада иконцепциа иалоу аԥсуа-ақырҭуа ҭыӡшәазы ахәҭаҷ иазкны
-
Аԥшьлааԥҳа Аԥсны адәныҟаполитика аконцепциазы: аамҭа кьаҿла ииҩыз текстым