Аҟәа ахатәы ҩны амца акит

Аԥсны АҶА ахьҭақәа раан ауааԥсыра ргәырҽанырҵоит амцакрақәа рхыԥхьаӡара ишацло азы. Убри инадҳәаланы абылра аҽацәыхьчара аԥҟарақәа ирықәныҟәалатәуп ҳәа рҳәоит дара.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Аҟәа, Мичурин имҩаҿы ахатәы ҩны амца акит ҳәа аанацҳаит Аԥсны АҶА.

Абылра шыҟалаз азы АҶА аҷаԥшьаҩ иахь аҭел иасит ԥхынҷкәын 24 асааҭ 17.23 рзы. Уахь амҩа иқәлеит амцарцәага машьынақәа ҩба.

Адырраҭараҿы иазгәаҭоуп амцакраан аҩны аҭуан, акрыфарҭа, ашьҭаларҭақәа ҩба, асасааирҭа абжа блит ҳәа. Ауааԥсыра ԥырхага рмоуит.

Иҟалаз зыхҟьаз ашьақәыргылара иаҿуп.