Аӡыҭгагатә станциаҿы иҟалаз авариа иахҟьаны Аҟәа ақалақь ӡыда иаанхеит

АУН "Аӡыканал" аӡыҭгагатә станциаҿы ԥхынҷкәын 24 ауха авариа ҟалеит. Ӡыда иаанхеит ақалақь ахәҭак.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Учхоз араион аҿы иҟоу аӡыҭгагатә станциаҿы иҟалаз авариа иахҟьаны Аҟәа ақалақь ӡыда иаанхеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәа ахадара АНУ адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба.

"Иԥжәеит атруба, уажәы аремонт иаҿуп. Еиддырҭәалоит. Ҩбаҟа сааҭ рышьҭахь ауаа аӡы роуртә иҟалароуп. Ари ҳаззыԥшымыз ҭагылазаашьоуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Аҩӡба иажәақәа рыла ӡыда инхеит Аҟәа абжеиҳара. Иԥжәаз атруба ақалақьтә магистралтә ҳа хадахьы иаҵанакуеит.

Аӡа ауааԥсыра аӡы амамзааразы апроблемақәа роуит ԥхынҷкәын 20 инаркны. Имҩаԥыргоз аремонттә усурақәа иазыԥхьагәаҭаз аамҭа ирызҭамыгӡеит.