Иԥсҭазаара далҵит Гал араион инханы иҟаз Аибашьра Ду аветеран Џьӷаркаа Тарас

Тарас Џьӷаркаа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ахь днаԥхьан 18 шықәса данырҭагылаз, 1942 шықәса рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит Гал араион аветеранцәа рахьтә иаанханы иҟаз Аибашьра Ду аветеран – Џьӷаркаа Тарас ҳәа аанацҳауеит Гал-Инфо.

Аветеран ишәышықәсахыҵранӡа хышықәса игын.

Тарас Џьӷаркаа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ахь днаԥхьан 18 шықәса данырҭагылаз, 1942 шықәса рзы. Егьырҭ иҩызцәеи иареи еицны ӷбала Аҟәантәи Шәачаҟа инаган. Уантәи рырҟәша Новороссиискҟа шьапыла амҩа иқәлеит Адгьыл Маҷ аҿтәи аибашьра иалахәхарц. Тарас Џьӷаркаа 18-тәи ар, 8-тәи абригада далахәын.

Иԥсҭазаара далҵит Гал араион инханы иҟаз Аибашьра Ду аветеран Џьӷаркаа Тарас

Адгьыл Маҷ ахы ианақәиҭыртә ашьҭахь Анапеи Тамантәи адгьылбжьахеи рхақәиҭразы деибашьуан. 1943 шықәса анҵәамҭазы Украинатәи актәи афронт далахәхеит. 1944 шықәса рзы дхәын.

Тарас Џьӷаркаа Аиааира амш даԥылеит Германиа, Лигниц ақалақь аҿы. Шықәсыбжак ашьҭахь иҩныҟа дхынҳәит.

Тарас иашьцәа еиҳабацәа ҩыџьа аибашьраҿ иҭахеит.