Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада: ҳпациент дыԥсит ҳәа ирҳәо иашам

Коронавирус ацәыхьчаразы Аоперативтә штаб адыррала Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы ԥхынҷкәын 23 рзы лыԥсҭазаара далҵит 1968 шықәса рзы ииз ачымазаҩ.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы аӡәгьы COVID-19 иахҟьаны дымԥсӡеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳақьым хада Лали Гаргәлиаԥҳа.

"Ахәышәтәырҭаҿы коронавирус иахҟьаны аӡәгьы дымԥсыц, апациентцәа рҟынтә ишәарҭоу уаҩ дыҟам. Ҳусуҩцәа имцу аинформациа ахьыҟалаз ргәы иалсит. Иҳаздырам аштаб ахь аԥаршеи информациа назышьҭыз дызусҭоу, уи еилаҳкаауеит", - ҳәа лҳәеит Гаргәлиаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла есышьыжь ахәышәтәырҭа адыррақәа Агәабзиарахьчара аминистррахь инанашьҭуеит. Араион ахада еиликаараны дыҟоуп аминистрра ииашам аинформациа азыназышьҭыз.

Ԥхынҷкәын 24 рзы Агәабзиарахьчара аминистрра Facebookаҿтәи адаҟьаҿы икьыԥхьын коронавирус ацәыхьчаразы Аоперативтә штаб адырра: Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы ԥхынҷкәын 23 рзы лыԥсҭазаара далҵит 1968 шықәса рзы ииз ачымазаҩ ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: