АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 485-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 109-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Аоперативтә штаб иаанацҳауеит Гагратәи ахәышәтәырҭаҟны иԥсҭазаара дшалҵыз 83 шықәса зхыҵуаз апациент. Иара ахәышәтәырҭа дҭашәеит иԥсыԥ лагаҩагара акыр ицәыцәгьаны, ҩганктәи агәыҵәкра иманы ԥхынҷкәын 25 рзы. Иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы идунеи иԥсахит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 94-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 86-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 24-ҩык, ибжьаратәуп - 13-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 28-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 17-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 41-ы.
Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 44-ҩык пациент. 30-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>