"Ашықәс ҿыц аныҳәа даара бзиа избоит. Снаплыхқәа еиҳарак ари атематика иазкуп. Раԥхьа ақалақь арԥшӡарала салагеит, ус уҳәар ауазар. Сҭыхуеит адәқьанқәа рсаркьақәа рҟны. Уи адагьы ауаџьаҟқәа ҟасҵоит ақьаад жәпа иалхны, убасгьы ашәҭырқьақьа ҟасҵоит. Иахьазы аҿар еиҳарак ауаџьаҟқәа рҭахуп. Аиашазы сынтәа уамак сҽазыҟасымҵеит аныҳәа, ҳазҭагылоу аамҭа хәыҷык иуадаҩуп азы. Сынтәатәила аӡәгьы азҿлымҳара ааирԥшуеит ҳәа сыҟамызт, аха аныҳәа хымчыбжьа шагыз аҭел асра иалагеит адәқьанқәа рырԥшӡареи ауаџьаҟқәа рыҟаҵареи рзы, ашәҭырқьақьа уиаҟара ирҭахым", - лҳәеит Гәынԥҳа.
Лара иазгәалҭеит аҳҭнықалақь ишагу аныҳәатә гәалаҟара узаԥызҵо архиарақәа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы иаадыртраны иҟоуп аҵаақәышьқьырырҭа
Кәыҵниаԥҳа Аҟәа ашықәсҿыцазтәи апрограммазы: аныҳәатә гәалаҟазаара аԥаҳҵар ҳҭахуп