Аслан Бжьаниа аҿкычымазара акоронавирус изышьақәырӷәӷәоуп

Ачымазара иаармарианы имҩасуеит, Аслан Бжьаниа игәабзиара ҭышәынтәалоуп, аҩны иҽихәышәтәуеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҿкычымазара акоронавирус изышьақәырӷәӷәоуп, абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.

Атәыла ахада аҽыԥхьакра дцеит, асанитартә нормақәа ишырҳәо ала. Иазгәаҭоуп, инапынҵақәа адистанциала ишынаигӡало.

Аслан Бжьаниа Аԥсны дыҟоуп, иофициалтә резиденциаҿы Аҟәа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 8459-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 6726-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 108-ҩык.