Аԥсны ААР Аӡҩыбжьатәи ахҭыс шыҟалаҵәҟьаз атәы рҳәеит

Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа Аӡҩыбжьа ақыҭан инхо Ҷанаа рыҩнҭаҟны иҽыҵәахны дыҟоуп ҳәа ззы адырра рымаз ацәгьоуҩы ишьҭан.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Аԥсны ААР аусзуҩцәеи СОБР аусзуҩцәеи Аӡҩыбжьа инхо Ҷанаа рыҩнаҭаҿы 1989 шықәса рзы ииз Ешсоу Ҷанба ишьҭан ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Аԥсны ААР ахада иҳәеит Аӡҩыбжьа аҭыԥ змаз аидыслара зыхҟьаз

Ешсоу Ҷанба, Аӡҩыбжьа ақыҭан ииз, рашәарамзазы иԥшаара рылаҳәан анаркотик злоу аҵиаақәа: аныцә - 170 шьаҭа, абларкыга - 19 000 шьаҭа лаҵаны иахьимаз азы.

Иара убасгьы агәызҩара ыҟоуп ахаҵа ацитрусқәа раахәаразы Урыстәылантәи Аԥсныҟа иааз  ԥхынҷкәын 1 азы абџьар ахархәарала 500 000 мааҭ аԥара имихит, ахәрагьы ииҭеит ҳәа.

Аоперативтә информациала Ешсоу Ҷанба Нина Атиасова лыҩнаҿы иҽыҵәахны дыҟан.

Аԥсны ААР апресс-маҵзура  ишазгәанаҭо ала, аоперациа ҷыда азакәанԥҵара инақәыршәаны имҩаԥган. Ацәгьоуҩы дыԥшаамызт, аоперациагьы хыркәшан.

Атиасова лыҩны иаҭаз ааха аамҭа кьаҿла аҭыԥ иқәҵахоит ҳәа рҳәоит апресс-маҵзураҟны.

Апрокуратура аусбарҭа аусзуҩцәа рганахьала азакәанеилагара аадырԥшыр, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны аҭакԥхықәра рыдҵахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: