Арадио

Латипов Егры аӡиас ала агуманиратә коридор азы: ганкахьы ауп аус ахьауа

Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә гәыԥ аиҳабы Рустам Латипов арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Егры аӡиас ала Аԥсны атәылауаа рзы агуманитартә коридор уажәтәи аҷыдарақәа ртәы.
Sputnik
Латипов Егры аӡиас ала агуманиратә коридор азы: ганкахьы ауп аус ахьауа

"Ԥхынҷкәын 21 рзы агуманитартә коридор ааҳартит агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ Егры аӡиас аҳәаала. Уи ашьыжь асааҭ 9 инаркны асааҭ 17 рҟынӡа иаартуп. Уи ганкахьы ауп аус ахьауа, изызку нхыҵ иҟоу ҳауаажәлар, еиҳараӡак Гал араион иқәынхо, азакәан еиламгакәа рыҩнқәа рахь рнеира ауп", - иҳәеит Латипов.

Иара иазгәеиҭеит аҳәаа ахьынӡарку изакәанымкәа аҳәаа ахысразы аҽазышәарақәа шырацәахаз.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: