АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аусԥҟа инапы аҵаиҩит зныктәи аматериалтә цхыраара хаз игоу атәылауаа ркатегориақәак ирызшәазарц ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Ашықәс ҿыц аламҭалазы 5560 нызқь мааҭ роуеит ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа (хәҩыки инареиҳани), зани заби ыҟам, 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа зхәыҷаахыс ихымхәоу, иара убасгьы акалиаска иантәалоу аинвалидцәа.
Ақалақь ахадара асоциалтә еиқәыршәара Аусбарҭа анапы ианҵоуп 1 050 840 мааҭ 189-ҩык ацхыраагӡа зауа ирзыршарц, ашәахтәшәара азгәаҭаны 5560 мааҭ роуртә аиԥш.