АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәатәи ақалақьтә еизара 2021 шықәсазтәи абиуџьет шьақәнарӷәӷәеит.
Абиуџьет апроект рыдигалеит ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа. Ақалақь ахада Беслан Ешба аизара далахәымызт, акоронавирус имазар ҟалап ҳәа агәызҩара ахьыҟоу азы.
Леон Кәарҷиа иажәақәа рыла, Аҟәа абиуџьет ахарџьхәҭа миллиардки 182 миллион мааҭ рҟынӡа азыԥхьагәаҭоуп.
Ахашәалахәҭа – миллиардки 147 миллион мааҭ рҟынӡа. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи абиуџьетбжьаратә трансфер – 35 миллион мааҭ.
Анагӡаратә усбарҭақәа русуразы иазыԥхьагәаҭоуп 53,5 миллион мааҭ, аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рымаҵ ауразы – 8,5 миллион мааҭ. Иааидкыланы ахәҭаҷ "азеиԥшҳәынҭқарратә зҵаарақәа" иазырхоуп 98 миллион мааҭ. Аҵарадырра иазырхахоит 479 миллион мааҭ, агәабзиарахьчара – 183,5 миллион мааҭ, акультуреи аҟазареи – 11,5 миллион мааҭ инарыцны, абаҩырҵәыреи аспорти – 40,5 миллион мааҭ, асоциалтә политика – 32 миллион мааҭ. 2021 шықәсазтәи абиуџьет аҿы иазыԥхьагәаҭоуп 265 миллион мааҭ анхара-коммуналтә нхамҩазы.
Аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ инарҭбаау иҳасабырба ашьҭахь адепутатцәа еицҿакрыла абиуџьет апроект азы рыбжьы рҭиит.