Аҟәатәи адепутатцәа зхала ахәыҷқәа зааӡо анацәа ирзыршәо аԥара иацҵазарц рыбжьы рҭиит

Аҟәа Ақалақьтә еизара адепутатцәа иаԥшьыргеит аҳҭнықалақь аҿы инхо зхала ахәыҷқәа зааӡо анацәа ршәарацҵа зықь мааҭ рҟынӡа ихагалазарц.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәатәи ақалақьтә еизара зхала ахәыҷқәа зааӡо анацәа ирзыршәо аԥара иазырҳазарц рыбжьы рҭиит ԥхынҷкәын 29 рзы.

Абри аҩыза аԥшьгамҭа адыргалеит аизара адепутатцәа.

"Ақалақь ахадеи ҳареи ҳаиԥылара ашьҭахь ҳара иҳаӡбеит ашәарацҵа иазырҳарцаз. Иахьазы категориак ауп ҳазлацәажәаз – зхала ахәыҷқәа зааӡо анацәа", - ҳәа иҳәеит ақалақьтә еизара адепутат Ҭемыр Қәпалба.

Иара имоу адыррақәа рыла, абыржәтәи аамҭазы аҳҭнықалақь аҿы ашәарацҵа роуеит 350-ҩык аҳәса. Иахьазы дара есымза ироуа 400 мааҭ роуп. Уи азы ирзоурыжьуан миллионки 680 нызқьмааҭ.

Уажәшьҭарнахыс зықьмааҭ рзыршәалоит. Уи иартәоит ԥшьмиллионки 200 нызқьмааҭ.

Аизара адепутатцәа еицҿакрыла апроект азы рыбжьы рҭиит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: