Агәыхәтәқәа анынаӡо: "Ашана" Ашықәс ҿыц аныҳәазтәи аҳамҭақәа ашеит

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" есышықәсатәи акциа "Уҵаа Бабадуха" мҩаԥысит ԥхынҷкәын 28 рзы. Сынтәа акциа иаҵанакит 60-ҩык афонд хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа. Дара зегьы досу игәы ззыҳәоз аҳамҭақәа иоуит.
Sputnik

Sputnik акорреспондент афонд аусуҩцәа дрыцын Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи аҳамҭақәа аныршоз. Алакә зҭааз ахәыҷқәа рҭагылазаашьеи ргәаҳәарақәеи Sputnik аматериал аҿы.

Илана Амқәабԥҳа, Sputnik

Угәаҳәарақәа анынаӡо

Жә-шықәса зхыҵуа Николь Џьынџьалԥҳа дышәҭышха аҵкы шкәакәа лышәҵаны лысасцәа дырԥылеит. Аҵаа Бабаду иахь илҩыз ашәҟәаҿы лара аҳәара ҟалҵеит апарпари ааҵәа аԥшра змоу атәарҭа татеи рзы. Урҭ аҩнынӡагьы илызнаган.

Агәыхәтәқәа анынаӡо: "Ашана" Ашықәс ҿыц аныҳәазтәи аҳамҭақәа ашеит

Сынтәа Асҭыԥҳа лроль налыгӡон афонд ахылаԥшратә хеилак алахәыла Ада Адлеиԥҳа, Аҵаа Бабаду – лара лыԥшәма Асҭамыр иакәхеит. Дара Николь аҳамҭақәа анлырҭа ашьҭахь, аҭакс лхаҭа илҩыз ажәеинраала дырзаԥхьеит.

Агәыхәтәқәа анынаӡо: "Ашана" Ашықәс ҿыц аныҳәазтәи аҳамҭақәа ашеит

Николь ланду ишылҳәо ала, ахәыҷы бзиа илбоит ашәаҳәара, асахьаҭыхра, акәашара. Николь лчымазара шамахамзар иуԥылом – генетикатә чмазароуп, муковисцидоз ахьӡуп. Афонд "Ашана" ацхыраарала Николь хәынтә Израильҟа дцахьеит.

Афонд "Ашана" 2020 шықәсазтәи аҳасабырба ҟанаҵеит

Асасцәа зҭааз аӡӷаб лыԥсаӡ длырбарц иналыԥхьеит. Ника еиҭалҳәеит аԥшьбатәи акласс аҿы дыштәоу, ажәеинраалақәа рыҩра бзиа ишылбо. Асҭыԥҳа Николь данлыцкәаша ашьҭахь, ддәықәлеит егьырҭ ахәыҷқәагьы лыргәырӷьарц.

Фышықәса зхыҵуа Диана Аҵаа Бабаду ибара дшеигәырӷьазгьы, иааигәа анеира дацәыԥхашьаны лан лҽыналыдылкылеит. Аха нас, иааигәа днеины илымҳаҿы ажәеинраала изеиҭалҳәеит. Ажәеинраала лзеиҭалҳәеит Асҭыԥҳагьы. Диана Ашықәс ҿыц азы аӡахыга машьынеи акьанџьеи дырзыԥшын. Аӡӷаб лан Ирина ишеиҭалҳәо ала, Диана аӡахра бзиа илбоит, акрааҵуеит даҿуижьҭеигьы.

Агәыхәтәқәа анынаӡо: "Ашана" Ашықәс ҿыц аныҳәазтәи аҳамҭақәа ашеит

Диана лныҳәаз лгәылацәа хәыҷқәа дрыԥхьеит.

"Ашана" анапхгаҩы Мактина Џьынџьалԥҳа илҳәеит сынтәа акциа ишаҵанакыз 60-ҩык ахәыҷқәа.

"Сынтәагьы уаанӡеиԥш ҳхәыҷқәа зегьы рыгәҭакқәа нагӡоуп. Ҳтәылауаа ракәзар, активла рхы аладырхәит акциа. Иҟан аофис ахь аҳамҭақәа ҳазназгоз, иҟан хаҭала аҭаацәарақәа рахь инеиуаз, иҟан аԥара ҳзыназышьҭуаз ахәмаргақәа ааҳхәарц", - ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Агәыхәтәқәа анынаӡо: "Ашана" Ашықәс ҿыц аныҳәазтәи аҳамҭақәа ашеит

Мактина лажәақәа рыла, аҳамҭақәа заанаҵы иаахәан. Урҭ рзы аԥареизгара иалагахьан ԥхынҷкәын 1 азы. Ауаа гәыҭбаақәа иалдыршеит сынтәагьы ҳхәыҷқәа ргәаҳәарақәа рынагӡара лҳәеит лара.