Аԥсны Апарламент ахәцҵазы ашәахтә алхра ҳәаақәызҵо азакәан ариашарақәа аларгалеит

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент асессиа мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 30 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент аҩбатәи аԥхьарала ахәцҵазы ашәахтә ҳәаақәызҵо азакәан ариашарақәа аларгалеит.

Ариашара алагалоуп Аҳазалхратә закәанеидкыла, уи иазыԥхьагәанаҭоит аҳазалхратә хәыԥса 50 000 мааҭ иреиҵам атауар Аԥсныҟа алагалараан аҳазалхратә шәарақәа рыҿҳәара процентда анахара. Аамҭацҵа хымз еиҳамзароуп аҳазалхратә декларациа анрыдыркыла ашьҭахь.

Ариашарақәа инарықәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазалхратә ҵакырахь атауар алагалараан абиуџьет ахь иршәо ахәыцҵаз ашәахтә ршәоит азакәан "Ахәыцҵаз ашәахтә" инақәыршәаны, арҭ атауарқәа аҳазалхратә еиҿкаара анырзымҩаԥырго, ма Аҳазалхратә закәанеидкыла ишьақәнаргыло аамҭа наха инақәыршәаны.