Аԥсны акультура аусзуҩцәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵоуп

Аԥсны акультура аусзуҩцәақәак аҳаҭыртә хьыӡқәа шрыхҵоу азы аинформациа цәырган ԥхынҷкәын 29 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны акультура аусзуҩцәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵаразы аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит ҳәа адырра ҟанаҵеит ахада исаит.

Акультуреи аҟазареи русхк аҿы илагала ду азы "Аԥсны Аҳәынҭқарра жәлар рартист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп Николаи Чқәан.

Аԥсны амузыкатә ҟазара аҿиараҿы рлагала ду ази рашәаҳәаратә ҟазарази "Аԥсны Аҳәынҭқарра жәлар рартист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп Заури Зыхәбеи Нодари Саӷариеи.

Аԥсны амузыкатә ҟазара аҿиараҿы илагала ду ази иашәаҳәаратә ҟазарази "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп Борис Џьопуа.

Аԥсуа культура аларҵәараҿы илагала ду азы "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп Лаша Марыхәба.