Арадио

Ҵнариаԥҳа ашықәс ҿыцтәи ачыс аӡразы: ацәаразы х-сааҭк роуп исымоу

Ачысҟаҵаҩ Алиона Ҵнариаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит сынтәа Ашықәс ҿыцаз ауааԥсыра иаҳа изызҿлымҳау ачыс атәы.
Sputnik
Ҵнариаԥҳа ашықәс ҿыцтәи ачыс аӡразы: ацәаразы х-сааҭк роуп исымоу

"Аусутә даара ирацәоуп. Доусы иара ииҭаху аформеи асахьеи аарышьҭуеит, нас сара сҽазысшәоит уи аҟаҵара. Аԥсақәа роума, Аҵаа Бабаду уҳәа аформақәа рыҟаҵара аамҭа рацәагьы агоит. Иаабац, снапы иадыруа акы анаҿарҵо, иаҳа ирлас иҟасҵоит. Сынтәа салагеит аимбирь иалху апечениақәа (ачарӡқәа - аред.) рыӡра, урҭ рыфҩы лаҳалаҳауа иҟоуп. Дара ирылысхуеит ашьабысҭақәа, аеҵәақәа, аныҳәа иадҳәалоу, уи асимволра зуа зегьы. Дара ануӡлак ашьҭахь, акәҭагь ацил иалху аглазурь зырҳәо ақәуҭәароуп, уигьы ишабалак иҟалом, ирԥшӡаны, џьара акы ақәҭыхны, анаҩс иԥшӡаны акәалаԥ хәыҷқәа ирҭауҵароуп, ус еиԥш ахаа рацәаны иаҿарҵоит сынтәа ахәыҷқәа рзы. Иҟасҵаанӡа еимҵәаны иргоит. Абарҭ ачарӡқәа даара иактуалуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҵнариаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: