АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 - Sputnik. Аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Адлер" ажьырныҳәа 1 инаркны 10 рҟынӡа уахи-ҽни аус ауеит еиԥҟьарада. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхырҭатә усбарҭа асаит.
2020 шықәса жьҭаара 1 азы Шәачатәи аҳазалхырҭа еиҭеиҿкаан аструктура аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵани аҳазалхырҭатә усбарҭақәа русура аиӷьтәрази.
Шәачатәи аҳазалхырҭатә ҭыԥқәа ԥшьба: Шәачатәи ихадоу, Шәачатәи аҳаиртә баӷәаза, аихамҩа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер", автомашьынаушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" рыҟазаара мԥсахкәа Краснодартәи аҳазалхырҭа анапаҵаҟахь ииаган.
Убри аан анапхгаратә функциақәа ииасит Краснодартәи аҳазалхырҭа анапаҵаҟахь.