Аныҳәамшқәа рзы аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Адлер" аусушьа шьақәырӷәӷәоуп

© Sputnik КПП Псоу
КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аладатәи аҳазалхырҭатә усбарҭа иакьыԥхьит арегион аҿы аҳазалхырҭатә ҭыԥқәа русура аграфик.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 - Sputnik. Аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Адлер" ажьырныҳәа 1 инаркны 10 рҟынӡа уахи-ҽни аус ауеит еиԥҟьарада. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхырҭатә усбарҭа асаит.

2020 шықәса жьҭаара 1 азы Шәачатәи аҳазалхырҭа еиҭеиҿкаан аструктура аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵани аҳазалхырҭатә усбарҭақәа русура аиӷьтәрази.

Шәачатәи аҳазалхырҭатә ҭыԥқәа ԥшьба: Шәачатәи ихадоу, Шәачатәи аҳаиртә баӷәаза, аихамҩа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер", автомашьынаушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" рыҟазаара мԥсахкәа Краснодартәи аҳазалхырҭа анапаҵаҟахь ииаган.

Убри аан анапхгаратә функциақәа ииасит Краснодартәи аҳазалхырҭа анапаҵаҟахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0