Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа Аԥсны ажәлар Ашықәс ҿыц рыдырныҳәалеит

Аиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" еиҿкаан Москва, 2017 шықәса рашәарамзазы. Иара иалахәуп аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩцәа, ашәаҳәаҩцәа, амузыкарҳәаҩцәа уҳәа егьырҭгьы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 31– Sputnik. Урыстәыла жәлар рартистка, ашәаҳәаҩ Валериа, ашәаҳәаҩ Николаи Басков, акомпозитор, амузыкатә продиусер Максим Фадеев уҳәа егьырҭгьы Аԥсны ажәлар аныҳәа рыдырныҳәалеит.

Урыстәыла жәлар рартистка, ашәаҳәаҩ Валериа иахьатәи аамҭа иақәшәо ҳажәлар аиммунитет ҳараки агәамчи рзеиӷьалшьеит.

"Сара агәра ганы сыҟоуп хара имгакәа уаанӡатәи ҳаԥсҭазаара ҳшазыхынҳәуа, иаҳҭаху ҳазҭаху ҳарныруа, ҳгәырӷьо-ҳаччо ҳшыҟало", -  лҳәоит Валериа.

Николаи Басков 2021 шықәса зегьы рзы иссиру шықәсны иҟаларц азеиӷьашьара ҟаиҵеит.

Хьыбла Гьерзмааԥҳа иналыгӡо ашәа "Сара с-Аԥсны" автор, акомпозитор Максим Фадеевгьы Аԥсны ауааԥсыра дрыдныҳәалеит.

"Ишәзеиӷьасшьар сҭахуп анасыԥ, агәабзиара, шәыгәқәа раҳаҭны, иаартны иахьа ишыҟоу еиԥш ахааназгьы иҟазааит", - иҳәеит иара.

"Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" афонд адиректор Едгар Ӷәазаа зегьы ирзеиӷьеишьеит аманшәалара, агәамч нагӡа.

Адныҳәаларақәа ҟаҵан Урыстәыла аҿари аспорти рзы Афедералтә маҵзура аиҳабы Александр Бугаев, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Кесоу Ҳагба, ашәаҳәаҩ Милена Барцыцԥҳа, апоет Анатоли Лагәлаа рҟынтәи.

Аиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" еиҿкаан Москва, 2017 шықәса рашәарамзазы. Иара иалахәуп аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩцәа, ашәаҳәаҩцәа, амузыкарҳәаҩцәа уҳәа егьырҭгьы.