COVID-19 зцәа иалаз ԥшьҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 634-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 150-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 – Sputnik. COVID-19 зцәа иалаз ԥшьҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Хҩык апацентцәа рыԥсҭазаара иалҵит гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны. 1947 шықәса рзы ииз ахаҵа, ахәышәтәырҭа дҭашәеит ԥхынҷкәын 22 рзы. Изымҩаԥыргоз ахәышәтәра иахьмырԥшкәа, иара иԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 29 рзы. 1936 шықәса рзы ииз ахаҵа, ахәышәтәырҭа дҭашәеит ԥхынҷкәын 22 рзы, иԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 30 рзы, ашьыжь. Даҽа пациентк, 1949 шықәса рзы ииз, иԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 28 рзы.

Гагратәи ахәышәтәырҭаҟны иԥсҭазаара далҵит 79 шықәса зхыҵуаз апациент. Ԥхынҷкәын 24 рзы ахәышәтәырҭа дҭашәеит адиагноз "зыхәышәтәра хьанҭоу аполисегментартә гәыҵәкра" иманы. Изымҩаԥыргоз ахәышәтәра иахьмырԥшкәа, иара иԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 30 рзы, ашьыжь.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 92-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 86-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 20-ҩык, ибжьаратәуп - 15-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 24-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 40-ҩык.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 8825-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 6872-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 117-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>