Аҟәа ашықәс ҿыц азы раԥхьатәи ахәыҷы диит

Аԥсны 2021-тәи ашықәс ҿыц ауха раԥхьатәи ахәыҷы Гагра диит, лара дыӡӷабуп, д-Гыцԥҳауп.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 1 — Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа диит раԥхьатәи ахәыҷы асааҭ 20:45 рзы ахәаша, ажьырныҳәа 1 азы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Аҟәатәи ахшараиурҭа акушер-гинеколог Лана Қьышьмариаԥҳа.

"Иахьа асааҭ 20:45 рзы диит ахаҵарԥыс - уи икапан ԥшь-кьылаки ԥшьышә грамми, иоура - 56 сантиметра иҟоуп. Ахәыҷы д-Ԥачалиоуп, иан д-Џьопуаԥҳауп", - ҳәа ажәабжь бзиа еиҭалҳәеит Қьышьмариаԥҳа.

Ари асаби Аԥсны 2021 шықәсазы ииз аҩбатәи хәыҷуп. Ажьырныҳәа 1 ауха Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы диит Гыцԥҳа хәыҷык. Гагра араион ахадара асаит ишаҳәо ала, лара лҭаацәа араион ахада 50 нызқь мааҭ рзишәоит.

Аԥсны ахшараиурҭақәа рҿы Ашықәс ҿыц ауха шымҩаԥысыз

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба излаиӡбаз ала, ҳазҭалаз ашықәсан аҳҭнықалақь аҿы раԥхьа ииз ахәыҷы шә-нызқь мааҭ изыршәоит.

2020 шықәса ҳанҭалоз Ашықәс ҿыц ауха Аԥсны ахшараиурҭақәеи ахшараиурҭатә ҟәшақәеи рҿы иит фҩык ахәыҷқәа - ԥшьҩык аӡӷабцәеи ҩыџьа аҷкәынцәеи.